"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Иналукааша аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылаз Иван Константин-иҧа Ҭарба диит 1921 ш. март 21 рзы Очамчыра араион Баслахә ақыҭа (иԥсҭазаара далҵит – 29.01.1994). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1971; ароман «Амра ҳара ҳҟны игылоит» азы). Очамчыра ақалақь амҩақәа руак ихьӡ ахуп.
Март 15 рзы Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа диижьҭеи 94 шықәса ҵит. Маи 5 рзы акәзар, иԥсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык ҵуеит. Иуаажәлар дрыԥхеит зхатә дунеи ду иаԥшәымаз иналукааша ашәҟәыҩҩы.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара ҳазну ашықәс азы раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит. Аханатә, минуҭк аҿымҭрала иргәаладыршәеит иҳаҩсыз ашықәс аан зыԥсҭазаара иалҵыз ашәҟәыҩҩцәа: Алықьса Гогәуа, Константин Гердов, Заур Быҭәба, Нона Џьынџьал, Станислав Лакоба, ааигәа иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Анатоли Лагәлаа.
Ҳаҭыр зқәу Гунда Валентин-иԥҳа! Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи уи еиднакыло ашәҟәыҩҩцәа рҭаацәара дуи рҟнытә гәык-ҧсыкала ибыдаҳныҳәалоит 60 ш. бхыҵра иазку аиубилеи!