"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Иҧсадгьыли иуаажәлари дрыҧхеит зыҧсҭазаара зегьы аҧсуа милаҭтә литература, адоуҭатә культура арҿиара иазкыз, еицырдыруа апоет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Терент Ҷаниа.
Еицырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы Миха Алеқсандр (Аҳмаҭ)-иҧа Лакрба диит (19.01.1901) Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Гәылрыҧшь араион) Мархьаул ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 15.10.1965) –. Аҧсны аҟазара зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1938) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Асахьаркыратә ҩымҭақәа иҩуан аҧсышәала, астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи – урысшәалеи аҧсышәалеи.
Онлаин-конкурс хықәкыс иамоуп М. А. Лакрба иновеллақәеи адраматургиа иаҵанакуа иҩымҭақәеи ирылоу ааӡаратә ҵакы еиҵагыло абиҧарақәа рыларҵәара; ахатәы бызшәа аҧшӡареи абеиареи инарҭбааны аӡыргара; аҧсуа литература агәыблра дыркреи ашәҟәы аҧхьара абзиабара рылааӡареи; аҿар рырҿиаратә хәыцра аизырҳареи аҧсуа ихаҿра аазырҧшуа идунеи рагәыларҧшреи.
Аконкурс хықәкыс иамоуп апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат И.К. Ҭарба игәалашәара амырӡра, ирҿиамҭақәа рҟны иаарҧшу аҧсуа ҧсҭазаара агәылаҧшра, аҧхьаҩцәа ҿарацәа рааӡара, амилаҭтә литература абзиабара дыркра, рдунеихәаҧшра арбеиара.