"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны, аԥсуа литература арҿиараҿы илшамҭақәеи зҩаӡара ҳараку асахьаркыратә ҩымҭақәа раԥҵареи рзы Платон Бебиа ианашьоуп аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны жәлар рпоет».
Еицырдыруа аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, СССР-и, Аԥсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Платон Хәамԥа-иԥа Бебиа 85 шықәса шәхыҵра гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит.
Аҿар ирызку Жәларбжьаратәи YIII арт-фестиваль «Аҧшаҳәаҿы анеиааира» аҳәаақәа ирҭагӡаны cентиабр 23 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит Москватәи ашәҟәыҩҩцәеи аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи рырҿиаратә еиҧылара.
Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корресподент, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, акыр шықәса раахыс Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны аус зуа Виачеслав Бигәаа акыр шықәса еизигоз, аус здиулоз зеиҧш ыҟам ашәҟәы «Алашара». 1955 – 2012».