"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Еицырдыруа афольклорҭҵааҩ, акритик, апоет, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, академик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Зураб Џьота-иԥа Џьапуа иахьа 60 шықәса ихыҵит.
Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, СССР-и, Аԥсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Руслан Хәанеи-иԥа Қапба 85 ш. ихыҵит.
Аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист, аиҭагаҩ Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иԥсҭазаара далҵижьҭеи иахьа 60 шықәса ҵит. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла (1934), Аҧсны жәлар рпоет (1937), Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа (1929) Д.Гәлиа ианашьан Ленин иорден (1949).
Иҧсҭазаара далҵит еицырдыруа алитератураҭҵааҩы, афольклорист афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1967), Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015), «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьаз, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1983), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла Владимир Агрба.