"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Акыр иап,соу апоетцәа, ап,суа поезиа абзиабаҩцәа, амилаҭтә доуҳатә культура ҳаҭыр ззақәу зегьы, гәык-п,сык ала ишәыдаҳныҳәалоит апоезиа Адунеизегьтәи Амш! Асахьаркыратә ажәа арҿиаҩцәа, агәабзиареи агәамчи шәыгымзааит, еснагь аҩымҭа ҿыцқәа раԥҵара агәацԥыҳәара шәыцзааит.
Аҧсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа диижьҭеи 146 шықәса аҵра иазкны Аҟәа еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқә азгәаҭан.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала ааигәа Аҧсны жәлар рпоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Нели Золотинск-иҧҳа Ҭар-ҧҳа диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы мҩаҧган Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратәи ашкол аҟны. Уи еицеиҿыркааит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашкол анапхгареи.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп алитературахь раԥхьатәи зшьаҿақәа еихызго ақәыԥшцәа аус рыдулара, абаҩхатәра ҿыцқәа рыԥшаара, арҿиара ргәы азҭаҵара, абжьагажәақәа рыгмырхара, арҿиара амаӡақәа раҵхраҿы амҩа иаша рықәҵара.