"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Москва, алитераторцәа Рцентртә ҩны аҟны агәырӷьаратә ҭагылазаашьа аманы Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа занашьаз рнапаҿы ирыҭан. Апремиа аҧҵан 2016 шықәсазы Урыстәылатәи ПЕН-центр абҧшьгарала. Арҿиаратә конкурс рҽаладырхәит Урыстәыла еиҧш, Аҧсны, Ермантәыла, Кыргызсҭан, Украина атәылақәа рҟнытә ашәҟәыҩҩцәа. Аханатә ишазыӡбаз ала, апремиақәа ранаршьан х-номинациак рыла: апроза, апоезиа, Ф.Искандер иҩымҭақәа рыла акиносценариа.
Москва, Новодевичи азеиҧш нышәынҭраҿы иқәыргылоуп еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер ибаҟа. Абаҟа шьаҭас иамоуп еицырдыруа аҧсуа скульптор Марина Ешба 1966 шықәсазы иаҧылҵахьаз аусумҭа.
Аҧсны ашҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала И.Г.Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит ааигәа иҭыжьу ҩ-шәҟәык: В.Бигәаа, В.Аҧҳазоу еиқәдыршәаз «Абхазские писатели. Библиографический словарь», иара убас ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аизга «Ашацкыра». Алитература аҭоурых аҭҵаараҿы имҩақәҵагоуп, хәарҭарагьы алоуп раҧхьаӡа акәны хазы шәҟәны иҭыжьу (урысшәала) «Абхазские писатели. Библиографический словарь».