"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Иаалырҟьаны 65 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара ҿахҵәеит еицырдыруа апоет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Д.И. Гәлиеи Т.Шь. Аџьбеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәеи «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡареи занашьоу, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз алахьеиқәратә церемониа мҩаԥысит Аҟәа февраль 18 рзы иҭоубыҭ ахьықәыргылаз «Арҵаҩы иҩны» аҟны.
Иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы Анатоли Лагәлаа.