"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Ааигәа Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа ршкол аҟны имҩаԥысит даараӡа азҿлымҳара бзиа зауз ахәылԥаз «Аԥсуа литература аԥсы ҭоуп». Уи рызкын зиубилеитә рыцхәқәа азгәарҭоз аԥсуа шәҟәыҩҩцәа хҩык ргәалашәара. Анатоли Аџьынџьал (95), Платон Бебиа (90), Борис Гәыргәлиа (90) ирызкыз аиубилеитә хәылԥазы рҽазыҟарҵеит Аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа реиҳарак.
Еицырдыруа асовет шәҟәыҩҩы, асценарист, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Константин Симонов диижьҭеи 110 шықәсаа ҵит.
Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» изаамҭану ахәбатәи аномер. Ари аҭыжьымҭа ҷыда «Алашара» 70 шықәса ахыҵра аиубилеи иазкуп.