Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ажәабжьқәа



ПЛАТОН БЕБИА ИАЖӘЕИНРААЛАҚӘА РЫԤХЬАРАҾЫ ЕИЦЛАБУАН

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша, хаҭала арҵаҩы, апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лҩызцәа лыцырхырааны Аԥсны жәлар рпоет Платон Бебиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра аиубилеи инамаданы еиҿыркааит апоет иажәеинраалақәа рыԥхьаразы аицлабра. Уи азырхиан аиҳабыратә абиԥара, иара убас афилологиатә факультет астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рыбжьара иреиӷьны иаԥхьо ралкааразы.

Анаҩс

АԤСУА ШӘҞӘЫҨҨЦӘА ЕИҾЫРКААИТ АЛЬМАНАХ «РУКОПИСЬ» АӠЫРГАРА

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҟны еиҿнакааит Урыстәылатәи жәларбжьаратәи алитература-сахьаркыратә альманах аҵыхәтәан иҭыҵыз 47-тәи аномер «Рукопись» аӡыргара. Уи иагәылалеит аԥсуа поетцәа Вахтанг Аԥҳазоу, Владимир Зантариа, Анатоли Лагәлаа, Гунда Сақаниа, Илона Кәыҵниа ражәеинраалақәа реиҭагақәа. Ажәеинраалақәа ирыцуп авторцәа рбиографиақәеи рфотосахьақәеи. Игор Елисеев редактор хадас дызмоу альманах, Урыстәыла аҩнуҵҟа еиԥш, аԥхьаҩцәа ироуеит егьырҭ атәылақәа рбиблиотекақәеи руниверситетқәеи.

Анаҩс

АХАТӘЫ БЫЗШӘА АДОУҲАМЧ АЛАШАРА АНАЦУ

Аԥсуа бызшәа амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны имҩаԥган алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» 70 шықәса ахыҵра иазкыз ахәылԥаз.

Анаҩс